Европа ахеилак апарламенттә ассамблеиа аднакылаз арезолиуциа инақәыршәаны, Урыстәыла де-факто диктатурас иазхаҵоуп, иара убас Урыстәыла амилаҭ хәыҷқәа рдеколонизациа ахь ааԥхьара ҟаҵоуп
Европа ахеилак апарламенттә ассамблеиа аднакылаз арезолиуциа инақәыршәаны, Урыстәыла де-факто диктатурас иазхаҵоуп, иара убас Урыстәыла амилаҭ хәыҷқәа рдеколонизациа ахь ааԥхьара ҟаҵоуп

Европа ахеилак апарламенттә ассамблеиа аднакылаз арезолиуциа инақәыршәаны, Урыстәыла де-факто диктатурас иазхаҵоуп, иара убасУрыстәыла амилаҭ хәыҷқәа рдеколонизациа ахь ааԥхьара ҟаҵоуп.

Адокумент аҿы Владимир Путин урыстәылатәи аоппозиционер Алексеи Навальныи иԥсра изхароу хаҿыс дыԥхьаӡоуп. Ассамблеиа алахәылацәа атәылаҿ аперсоналтә диктатуразы Урыстәыла ахада иоуп аҭкԥхықәра змоу ҳәа рыԥхьаӡоит.

Арезолиуциаҿ ишану ала, Путин хықәкыс имоуп адемократиа аҿагылара, европатәи аглобалтәи аиҿкаара аԥсахра. Адокумент аҿы иазгәаҭоуп 2008 шықәсазтәи Қырҭтәыла ақәлара.

Адокумент атекст аҿы ишану ала, Урыстәыла адемократиатә алхреи агәыла тәылақәа рполитикатә хьыԥшымреи пату рықәиҵом.

РАСЕ алахәылацәа  хәажәкыразы Урыстәыла иҩаԥгаз апрезиденттә алхрақәа иазхарҵом, арезолиуциаҿ ишану ала, Урыстәыла “иформалу афедерациоуп” . Иара убас, арезолиуциаҿ иазгәаҭоуп Урыстәылатәи Афедерациаҿ Урыстәыла иашьагәыҭу амилаҭтқәа мчылатәи ррусификациеи рассимилиациеи шымҩаԥысуа.

Европа ахеилак апарламенттә ассамблеиа аднакылаз арезолиуциаҿ Урыстәыла амилаҭ хәыҷқәа рдеколонизациа ахь ааԥхьара ҟаҵоуп.