Адәныҟатәи аусқәа рминистрра  - Европа ахеилаки уи иалоу аҳәынҭқаррақәеи ишьақәдырҕәҕәеит Қырҭтәыла ахьыҧшымреи жәларбжьаратәи азхаҵара змоу аҳәаақәа ирҭагӡаны атәыла аҵакырадгьылтә акзаареи ишадгыло  
Адәныҟатәи аусқәа рминистрра  - Европа ахеилаки уи иалоу аҳәынҭқаррақәеи ишьақәдырҕәҕәеит Қырҭтәыла ахьыҧшымреи жәларбжьаратәи азхаҵара змоу аҳәаақәа ирҭагӡаны атәыла аҵакырадгьылтә акзаареи ишадгыло  

30 апреля 2025 шықәса мшаҧы 30 рзы,  Европа Ахеилак Аминистрцәа ркомитет аусхәаҧштә  «Европа Ахеилаки Қырҭтәыла иҟоу аимаки» аҳәаақәа ирҭагӡаны, ари азҵааразы  12-тәи аӡбара аднакылеит.

Ари атәы иануп Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра иаланарҵәаз аҳәамҭаҿы.

Аминистрра адыррала,  Европа ахеилаки уи иалоу аҳәынҭқаррқәеи ишьақәдырҕәҕәеит Қырҭтәыла ахьыҧшымреи жәларбжьаратәи азхаҵара змоу аҳәаақәа ирҭагӡаны атәыла аҵакырадгьылтә акзаареи ишадгыло.

«Аӡбараҿы ишазгәаҭоу ала, Урыстәылатәи афедерациа жәларбжьаратәи аҧхықәрақәа еиланагоит, аурыс арбџьармчқәа уажәгьы закәандарала Аҧсни Цхинвалтәи арегиони рҿы игылоуп. Аминистрцәа ркомитет аӡбараҿы, Европа Ахеилак иалоу атәылақәа Урыстәылахь ааҧхьара ҟарҵоит жәларбжьаратәи аҧхықәрақәа рынагӡареи зыҧшра ҟамҵакәа ахатә бџьармчқәа Қырҭтәыла аҵакырадгьыл аҟынтә алгареи азы.

Европа ахеилак иалоу аҳәынҭқаррақәа Аҧсни Цхинвалтәи арегиони рымпыҵахалараан ауаҩытәыҩса изинқәа реилагаразы Урыстәыла аҭакҧхықәра адҵара  иазкны Ауаҩытәыҩса изинқәа рзы Европатәи аӡбара иаднакылаз ақәҵарақәа ирзыразуп.

Европа Ахеилак Аминистрцәа ркомитет абри аҩыза аӡбарақәа аднакылоит  2014 шықәса инаркны. Ари адокумент  иаҵшьны иазгәанаҭоит Урыстәыла ала Қырҭтәылатәи арегионқәа рымпыҵахалара азҵаара ари аиҿкаара аусхәаҧштә аҿы аҧыжәара шамоу.