Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Женеватәи аиҿцәажәарақәа  65-тәи араунд иадҳәаланы аҳәамҭа аланарҵәеит
Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Женеватәи аиҿцәажәарақәа  65-тәи араунд иадҳәаланы аҳәамҭа аланарҵәеит

Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Женеватәи аиҿцәажәарақәа  65-тәи араунд иадҳәаланы аҳәамҭа аланарҵәеит.

Аминистрра адыррала, аиҿцәажәарақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны, ақырҭуа аган хшыҩзышьҭра ҷыда азыруит Урыстәыла ала амца аанкылара иазку аиқәшаҳаҭрала иазҧхьагәаҭоу аҧхықәрақәа рынагӡара ахымҧадареи импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҟынтә ихҵәоу ауааҧсыра шәарҭада рырхынҳәа азҵаареи.

„2025шықәса абҵара  11-12 рзы Женева имҩаҧган жәларбжьаратәи аицәажәарақәа  65-тәи араунд. .

Аиҿцәажәарақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны, ақырҭуа аган хшыҩзышьҭра ҷыда азыруит 2008 шықәса нанҳәа 12 рзы аганқәа ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭрала Урыстәыла ахы иаднаҵаз  аҧхықәрақәа рынагӡара ахымҧадареи импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҟынтә ихҵәоу ауааҧсыра шәарҭада рырхынҳәа азҵаареи.

Иаҵшьны иазгәаҭан Гал Аинцидентқәа рпревенциеи рықәҿыҭра амеханизми аиҧыларақәа реиҭашьақәыргылара аҵакы.

Ақырҭуа  аган  импыҵахалоу арегионқәа рҿы ашәарҭадареи, агуманитартә ҭагылазаашьа цәгьеи, ауаҩытәыҩса изинқәа реилагареи, ампыҵахалатә режимқәа рдеструктивтә ауранагӡареи  азҵаара иқәдыргылеит. Агәынамӡара аарҧшын аҵыхәтәантәи аамҭазы жәларбжьаратәи азин анормақәа зегьы реилагарала Аҟәатәи аҳаирбаҕәаза аус аруреи арегулиартә реисқәа рымҩаҧгара алагареи, Урыстәылантә Аҟәаҟа аихамҩатәи амшынтәи анеиааира ашьақәыргылареи иадҳәаланы.

Ахҵәацәа шәарҭада рырхынҳәра азҵаара алацәажәара ианалага, Урыстәылеи уи ампыҵахалатә режимқәеи  рхаҭарнакцәа, абжьааҧнеиҧш,  аиҿцәажәарақәа аанрыжьит, убри аҟынтә,  65-тәи араунд иаҧыхын“, – иануп Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭаҿы.