Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра - Евроеидгыла алалара азҵаара аполитикатә хархәага аҳасабала ахархәара аҽазкра цыҧхьаӡа ҳақәыӡбоит, уи Қырҭтәылеи Евроеидгылеи реизыҟазаашьақәа ирҧырхагоуп
Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Евроеидгыла арҭбаара иазкны Еврокомиссиа ицәырнагаз аҳасабырба иахцәажәан, ишазгәарҭаз ала, уаҟа Қырҭтәыла иадҳәалоу ахҭысқәа рацәа ирыҭоу ахәшьара ииашам.
Аминистрра адыррақәа рыла, Евроеидгылеи уи аинститутқәеи Қырҭтәыла иазкны иҟарҵо ашьаҿақәа атәыла аҩныҵҟатәи аполитиказы анырра иазкуп, уи Қырҭтәылеи Евроеидгылеи реизыҟазаашьақәа ирҧырхагоуп.
«Гәалсрала иазгәаҳҭар ҳҭахуп Еврокомиссиа аҳасабырбаҿы Қырҭтәыла иадҳәалоу ахҭысқәа рацәа ирыҭоу ахәшьара шиашам, ҳара уи ҳазыҧшын, избанзар, Евроеидгыла аинститутқәа Қырҭтәыла аҳәынҭқарратә институтқәа рықәлара иақәыӡбом. Уи еиҳангьы, Каиа Калласи Марта Коси еицыҟарҵаз аҳәамҭаҿы жьҭаара 4 рзы иҟалаз ахҭысқәа ииашамкәа ирыхцәажәеит», — иануп аҳәамҭаҿы.
Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы ишырҳәаз ала, жәларбжьаратәи ареитингқәа рацәа рҿы Қырҭтәыла апозициақәа еиҕьхеит, арҭ ареитингқәа иреиуп аиҳабыра рыламысреи, абиурократиеи акоррупциеи ирҿагыло ақәҧареи, аҳәынҭқарратә напхгараҭара аеффективреи, иара убас, иҭышәынтәалоу амакроекономикатә политикеи, аекономикатә азҳара аласра дуи, убас егьырҭгьы. Убри аҟынтә, абри аҩыза аҭагылазаашьаҿы, Еврокомиссиа аихшьаалаҿы иарбоу ахәшьара аобиективра иадҳәаланы азҵаарақәа рацәа цәырҵуеит.
«Евроеидгыла аинститутқәа Қырҭтәыла иазкны иҟарҵо аҳәамҭақәа ҳтәыла аҩныҵҟатәи аполитиказы анырра ауп изызку, уи Қырҭтәылеи Евроеидгылеи реизыҟазаашьақәеи, иаҳзеиҧшу аинтересқәеи ирҧырхагоуп, ари афакт даараӡа ҳаргәамҵуеит. Евроеидгыла алалара азҵаара аполитикатә хархәага аҳасабала ахархәара аҽазкра цыҧхьаӡа ҳақәыӡбоит.
Қырҭтәыла Евроеидгылаҟны иаднакылаз аиқәшаҳаҭрақәа ирызгәыкуп, Ассоциациа иазку аиқәшаҳаҭрала ахы иаднаҵаз аҧхықәрақәа нанагӡоит.
Қырҭтәыла аиҳабыра, аҭакҧхықәратә, алоиалтә партниор аҳасабала, даҽазнык ишьақәдырҕәҕәоит ақәыҕәҕәарала акәымкәа, иаҳзеиҧшу апринципқәа рышьаҭала Евроеидгылаҟны апатуеиқәҵаратә, аконструктивтә диалог ишазҿлымҳау», — иануп Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭаҿы.