Адәныҟатәи аусқәа рминистрра  -  Америка Аҳәынҭқарратә департаментаҿ имҩаҧгаз аиҧылараҿы ақырҭуа аган даҽазнык иаҵшьны иазгәарҭеит америкатә аган рҟны аизыҟазаашьақәа реиҭашьақәыргылара ишазыхиоу, астратегиатә партниорра аҵакы ду шамоу

Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аминистр лхаҭыҧуаҩ Лаша Дарсалиа Америка Аҳәынҭқарратә департаментаҿ имҩаҧигаз аиҧылара иазку аинформациа аланарҵәеит.

Аминистрра адыррақәа рыла, Лаша Дарсалиа, Вашингтон ивизит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Америка Аҳәынҭқарратә департаментаҿ Европеи Азиеи русқәа рзы абиуро анапхгаҩы  Брендан Ҳанраҳан диҧылеит.

„Америка Аҳәынҭқарратә департаментаҿ имҩаҧгаз аиҧылараҿы аганқәа рхаҭарнакцәа ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа ирыҵанакуа азҵаарақәа рацәа ирылацәажәеит. Ақырҭуа аган ахаҭарнакцәа даҽанык иаҵшьны иазгәарҭеит Америкаҟны аизыҟазаашьақәа реиҭашьақәыргылара ишазҿлымҳау, астратегиатә партниорра аҵакы ду шамоу.

Иара убас, аиҧылараҿы ирылацәажәеит арегионаҿ имҩаҧысуа апроцессқәеи аусеицура аперспективақәеи.

Америкатә аган даҽазнык ишьақәдырҕәәҕеит Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи ишадгыло“, – иануп аинформациаҿы.