Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра  – Ааигәатә Мрагылараҿ  имҩаҧысуа ахҭысқәа хшыҩзышьҭрала ҳрыцклаҧшуеит, иаҵшьны иазгәаҳҭоит адеескалациа аиқәыршәаразы адипломатиатә ҽазышәарақәа аҵакы ду шрымоу 
Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра  – Ааигәатә Мрагылараҿ  имҩаҧысуа ахҭысқәа хшыҩзышьҭрала ҳрыцклаҧшуеит, иаҵшьны иазгәаҳҭоит адеескалациа аиқәыршәаразы адипломатиатә ҽазышәарақәа аҵакы ду шрымоу 

Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра   Ааигәатә Мрагылараҿ  имҩаҧысуа ахҭысқәа хшыҩзышьҭрала ирыцклаҧшуеит. Иаҵшьны иазгәаҳҭоит адеескалациа аиқәыршәаразы адипломатиатә ҽазышәарақәа аҵакы ду шрымоу, – иануп Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭаҿы.

Аҳәамҭаҿы ишазгәаҭоу ала, арегионаҿ иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәарҭақәа Қырҭтәыла атәылауаа рыцхраара иазыхиоуп.

«Қырҭтәыла атәылауаа ҳрыҳәоит аофициалтә адҵақәа нарыгӡаларц, рхатә шәарҭадара аиқәыршәаразы абжьагарақәа зегьы ирықәныҟәаларц. Арегион атәылақәа рҿы иҟоу  Қырҭтәыла ацҳаражәҳәарҭақәа зегьы арежим ҷыдаҿ аус руеит, Қырҭтәыла атәылауаа рыцхраара иазыхиоуп», – иануп аҳәамҭаҿы.