Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра  — Германтәыла ацҳаражәҳәаҩ иаҳҳәеит Венатәи аконвенциа инақәыршәаны адипломатиатә миссиа аусзуҩ иара дахьыҟоу аҳәынҭқарра аҩныҵҟатәи аусқәа рҽаламгалара ишиуалу
Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра  — Германтәыла ацҳаражәҳәаҩ иаҳҳәеит Венатәи аконвенциа инақәыршәаны адипломатиатә миссиа аусзуҩ иара дахьыҟоу аҳәынҭқарра аҩныҵҟатәи аусқәа рҽаламгалара ишиуалу

Германтәыла ацҳаражәҳәаҩ иаҳҳәеит Венатәи аконвенциа инақәыршәаны адипломатиатә миссиа аусзуҩ иара дахьыҟоу аҳәынҭқарра аҩныҵҟатәи аусқәа рҽаламгалара ишиуалу, — иануп Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра иаланарҵәаз аинформациаҿы.

«Цәыббра 24 рзы, Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы, адәныҟатәи аусқәа рминистр актәи лхаҭыҧуаҩ Гьаргь Зурабишвили Германтәыла ацҳаражәҳәаҩ Петер Фишер диҧылеит.

Аиҧылараҿы Германтәыла ацҳаражәҳәаҩ иарҳәеит Венатәи аконвенциа инақәыршәаны адипломатиатә миссиа аусзуҩ иара дахьыҟоу аҳәынҭқарра аҩныҵҟатәи аусқәа рҽаламгалара ишиуалу.

Иара убас, аиҧылараҿы ишазгәаҭаз ала,  ақырҭуа аган даараӡа иаргәамҵуеит атәылаҿы арадикалтә усхәаҧштә адгылареи аӡбаратә процессқәа рполитизациеи  аҽазкреи ари апроцессаҿ ацҳаражәҳәаҩцәа рылахәызаареи.

Ақырҭуа аган интересс ирыман Германтәыла ацҳаражәҳәарҭа ацәымҕратә бызшәа аларҵәара ашәарҭа иҟоуп ҳәа аҳәамҭа аныҟанаҵоз шьаҭас иамаз. Ишазгәаҭаз ала, ацҳаражәҳәарҭашҟа изныкымкәа аҳәара ҟаҵан абри аҩыза ашәараҭара шьақәзырҕәҕәаша аконкреттә фактқәа аадырҧшырц, аха, дара иахьанӡагьы уи ҟарымҵеит. Убри аҟынтә, ақырҭуа аган абри аҩыза ахарадҵарақәа ирыхәаҧшуеит атәыла аиҳабыра шьаҭада ржәылара даҽа ҽазкрак аҳасабала.

Қырҭтәыла аиҳабыра атәылақәа реизыҟазаашьақәа аҵакы ду ранаршьоит, арҭ аизыҟазаашьақәа иреиҷаҳауеит. Убри аҟынтә, аиҳабыра ирҿагыло акампаниақәа атәылақәа рпартниорра иаҧырхагоуп ҳәа ргәы иаанагоит. Адәныҟатәи аусқәа рминистрра наҟ-наҟ адипломатиатә хаҭарнакрақәа патуеиқәҵара апринципла аусеицура нарыгӡап ҳәа игәыҕуеит», — иануп Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭаҿы.