Ҭенгиз Шарманашвили – Германтәыла ацҳаражәҳаҩ ижәылара ҳгәы иҭамызт, иара Венатәи аконвенциа шеилеиго иаҳҳәеит, иара анормалтә усуратә режим дазыхынҳәыр, ҳара  иҳалшо ала ҳицхраауеит
Ҭенгиз Шарманашвили – Германтәыла ацҳаражәҳаҩ ижәылара ҳгәы иҭамызт, иара Венатәи аконвенциа шеилеиго иаҳҳәеит, иара анормалтә усуратә режим дазыхынҳәыр, ҳара  иҳалшо ала ҳицхраауеит

«Германтәыла ацҳаражәҳаҩ ижәылара ҳгәы иҭамызт, иара Венатәи аконвенциа шеилеиго иаҳҳәеит. Ҳара ҳхымҩаҧгашьа иара иоуранагӡара иахьыҧшуп.  Анормалтә усуратә режим дазыхынҳәыр, ҳара  иҳалшо ала ҳицхраауеит», — иҳәеит апарламенттә аиҳара алахәыла Ҭенгиз Шарманашвили Қырҭтәыла Актәи аканал аинтервиу анеиҭоз.

Иара иажәақәа рыла, ацҳаражәҳәаҩ Германтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҟынтә изакәытә адҵақәоу иоуз еилкаахоит.

«Заанаҵы ак аҳәара уадаҩуп. Ацҳаражәҳәаҩ Германтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҟынтә изакәытә адҵақәоу иоуз еилкаахоит. Венатәи аконвенциа дақәныҟәап ҳәа ҳгәыҕуеит, убасҟан Қырҭтәылеи Германтәылеи реизыҟазаашьақәа   анормалтә режимахь ихынҳәуеит.   Ҳара Германтәыла ацҳаражәҳаҩ ижәылара ҳгәы иҭамызт, иара Венатәи аконвенциа шеилеиго иаҳҳәеит. Аҳаражәҳәаҩ аинтересқәа реимак иҽалеигалар ҟалом, аполитикатә аиҿкаарак аҟынтә аҩны қьырала агареи алхраҧхьатәи акампаниа аҽалархәреи ихәҭам. Ажәылара – иҵаҵгәыркым ахарадҵароуп иаанаго. Ҳара  иҵаҵәгәыркыз азгәаҭарақәа ҟаҳҵон.  Ацҳаражәҳәаҩ анормалтә усуратә режим дазыхынҳәыр,   иҳалшо ала ҳицхраауеит», — иҳәеит Ҭенгиз Шарманашвили.