«Ацҳаражәҳәаҩ абри аҩыза аҳәамҭақәа аныҟаиҵо, ҩ-варианк иҟоуп: Адәныҟатәи аусқәа рминистррашҟа иҧхьара ма арадикалтә аӡбара адкылара», — иҳәеит апартиа  «Ақырҭуа гәахәтәы» алахәыла Ҭенгиз Шарманашвили  Қырҭтәыла Актәи аканал аинтервиу анеиҭоз.

Иара иажәақәа рыла,  арадикалтә шьаҿақәа рыҟаҵара иахәҭам,  избанзар уажәтәи ацҳаражәҳәаҩ ицынхәрас иара иеиҧшу аӡәы дааргоит.

«Атәылауаҩратә еибашьреи,  аекономика акаҳареи,  аҕарреи далацәажәозма? Ааи, абри ауп ҳтәылаҿ Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ иҟаиҵо. Иара абри аҩыза азҧхьагәаҭарақәа аныҟаиҵо, аиҳабыра ирҿагыло апропаганда анымҩаҧиго, уи адипломат иҧхықәрақәа ирышьашәалам.  Ацҳаражәҳәаҩ абри аҩыза аҳәамҭақәа аныҟаиҵо, ҩ-варианк иҟоуп: Адәныҟатәи аусқәа рминистррашҟа иҧхьара ма арадикалтә аӡбара адкылара» , аҩбатәи авариант аҵакы амам, иара ицынхәрас иара иеиҧшу,  ма еицәоу аӡәы дааргоит. Убри аҟынтә, абри аҩыза ашьаҿа аҟаҵара иахәҭам», — иҳәеит  Шарманашвили.