Питер Фишер – Қырҭтәыла Евроеидгыла иалалар ҳҭахуп, ҧхынҷкәын азы атәыла акандидат астатус аиур ҳҭахуп
Питер Фишер – Қырҭтәыла Евроеидгыла иалалар ҳҭахуп, ҧхынҷкәын азы атәыла акандидат астатус аиур ҳҭахуп

«Қырҭтәыла Евроеидгыла иалалар ҳҭахуп, ҧхынҷкәын азы атәыла акандидат астатус аиур ҳҭахуп», — иҳәеит Қырҭтәыла иҟоу Германтәыла ацҳаражәҳәаҩ Петер Фишер Қырҭтәыла Актәи аканал аинтервиу анеиҭоз.

Иара иажәақәа рыла, атәыла акандидат астатус аиур, Евроеидгыла алаларазы аиҿцәажәарақәа иалагоит, аха, уи азыҳәан Қырҭтәыла иахәҭоу ашьаҿақәа ҟанаҵароуп.

«Ҳара Қырҭтәылазы 12 абжьагарақәа ҟаҳҵеит, урҭ рынагӡараҿы апрогресс ҳбар ҳҭахуп, ҷыдала, аиашареи адеолигархизациеи ахырхарҭала. Қырҭтәыла Евроеидгыла астандартқәа иаҳа ирзааигәахар ҳҭахуп», — иҳәеит Петер Фишер.