Қырҭтәыла иҟоу Германтәыла ацҳаражәҳәаҩ - Олаф Шольц Евроеидгылахь амҩҿ Қырҭтәыла адгылара шьақәирӷәӷәеит
Қырҭтәыла иҟоу Германтәыла ацҳаражәҳәаҩ - Олаф Шольц Евроеидгылахь амҩҿ Қырҭтәыла адгылара шьақәирӷәӷәеит

Олаф Шольц Евроеидгылахь амҩҿ Қырҭтәыла адгылара шьақәирӷәӷәеит , – “Твиттер” аҿы иҩит Қырҭтәыла иҟоу Германтәыла ацҳаражәҳәаҩ Петер Фишер.

Қырҭтәыла иҟоу Германтәыла ацҳаражәҳәаҩ иажәақәа рыла, Германтәыла Қырҭтәыла асуверенитет адгылоит.

„Қырҭтәыла аԥыза-министр иҟны Германтәыла аканцлер Евроеидгылахь амҩҿ Қырҭтәыла адгылара шьақәирӷәӷәеит. Урыстәыла Украина ақәлара алҵшәақәа рыхцәажәараан, Германтәыла Қырҭтәыла асуверенитет адгылоит“, –иҩит ацҳаражәҳәаҩ.