Иракли Ӷарибашвили ишааицҳаз, иахьа инаркны Китаи атәылауаа рзы авизатә режим аԥыхуп
Иракли Ӷарибашвили ишааицҳаз, иахьа инаркны Китаи атәылауаа рзы авизатә режим аԥыхуп

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ӷарибашвили ишааицҳаз, иахьа инаркны Китаи атәылауаа рзы авизатә режим аԥыхуп.

Ари атәы аԥыза-министр ааицҳаит иахьа имҩаԥгаз аиҳабыра реилатәара аҿы.

Аиҳабыра рнапхгаҩы иажәақә арыла, китаитәи атуристцәа адунеи зегьы аҟны гәык ала идыркыло атуристцәа роуп.

„Иҳадаҳкылаз аӡбара инақәыршәаны, иахьа инаркны Китаи атәылауаа рзы авизатә режим аԥыхуп. Иашьашәалоу адҵа анапы аҵаҩуп. Ари иабзоураны ҳтәыла иаҳа ирацәаны китаитә атуристцәа иаҭаауеит.  Китаитәи атуристцәа адунеи зегьы аҟны гәык ала идыркыло атуристцәа роуп. Ҳара ишиашоу ареисқәагьы ҳамоуп “,- иҳәеит Ӷарибашвили.