Америкатәи Аидгыла Сан-Франциско аҿы Қырҭтәылатәи аинновациатә хаб BRID.GE официалла аартра ацеремониа мҩаԥысит.
Аусмҩаԥгатә аҿы еизаз асасцәа рахь ажәахә ҟаиҵеит Қырҭтәыла аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, адәныҟатәи аусқәа рминистр Мака Бочоришвили.
Бочоришвили инаҵшьны иазгәеиҭеит Сан-Франциско ақалақь аҿы аинновациақәеи аҟазареи рдунеизегьтәи асимволны иҟоу ақырҭуа инновациатә хаб аԥҵара аҵак ду шамоу.
“Ҳара иаԥаҳҵоит аҳәаа ҿыц, уи ахәыцрақәа алшара ҿыцқәеи еидызкылоит, насгьы Қырҭтәыла аԥхыӡқәа агеографиа иахьҭам ҭыԥны иҟанаҵоит. Иахьа официалла иаатуа аҳәаа ҳтәылақәеи алшарақәеи реидкылара мацара акәымкәа, ауаа реидкылараҿы иӷәӷәоу мчыбжьыны иҟалароуп”, – ҳәа иҳәеит Мака Бочоришвили.
Адәныҟатәи аусқәа рминистр иара убас иазгәеиҭеит, Қырҭтәыла, хыԥхьаӡара рацәала ауадаҩрақәа шрымоугьы, арегион аҿы аекономикатә ҿиареи, алшара ҿыцқәеи, ашьақәгылареи рсимволны ишыҟалаз.
“Иахьа Қырҭтәыла абизнес алагара азы зегь реиҳа иманшәалоу атәылақәа иреиуоуп ҳәа иԥхьаӡоуп, уи иамоу аԥҟарақәа рыбзоурала, аҳәынҭқарратә маҵзурақәа рыдиджитализациа аҩаӡара ҳаракы абзоурала.
Аусмҩаԥгатә асасцәа рҟны иҟан Сан-Франциско ақалақь ахада Даниел Луриеи, адунеизегьтәи астартапқәа рырццакыга Plug and Play ашьаҭаркҩы, насгьы анапхгаҩы хада Саид Амиди.
Иара убас, аусмҩаԥгатә аҿы иқәгылеит Сан-Франциско иҟоу Қырҭтәыла аконсул Хада Леван Кулиџьанишвили; Автандил Касраӡе, Қырҭтәылатәи аинновациатәи атехнологиатәи Агентра (ГИТА) ахантәаҩы; Амит Пател, Owl Ventures ашьаҭаркҩы, анапхгаратә партниор.
Қырҭтәылатәи аинновациатә хаб официалла аартра ацеремониа аҿы Қырҭтәылеи Америкатәи Еидгылеи рҳәынҭқарратә гимнқәа налыгӡеит ақырҭуа ашәаҳәаҩ Нуца Бузалаӡе. Ацеремониаҿы иара убасгьы иқәдыргылеит ақырҭуа хәыҷтәы фольклортә ансамбль “Чакруло” ақырҭуа полифониа аҿырԥштәқәа.
Иазгәаҭатәуп BRID.GE атәыла анҭыҵ раԥхьаӡатәи Қырҭтәылатәи аинновациатә хаб шакәу. Уи Қырҭтәылатәи астартапқәеи атехнологиатә компаниақәеи рзы алшарақәа ҿыцқәа аԥнаҵоит адунеизегьтәи аџьармыкьақәа рҭаларазы, адунеизегьтәи апартниорцәа аус рыцуразы, ииашаҵәҟьаны адунеизегьтәи аинвесторцәа рҟынӡа анеиразы.