Германтәыла ацҳаражәҳәаҩ ишааицҳаз, Рати Брегӡеи ацҳаражәҳәаҩцәеи иахьатәи реиԥылараҿ Михеил Саакашшвили изҵаара иахцәажәеит
Германтәыла ацҳаражәҳәаҩ ишааицҳаз, Рати Брегӡеи ацҳаражәҳәаҩцәеи иахьатәи реиԥылараҿ Михеил Саакашшвили изҵаара иахцәажәеит

Қырҭтәыла иҟоу Германтәыла ацҳаражәҳәаҩ   Питер Фишер ишааицҳаз, Аиустициа аминистр Рати Брегӡеи Евроеидгыла иалоу 15 тәылеи рыцҳаражәҳәаҩцәеи, ЕАШ ацҳаражәҳәара ахаҭарнакцәеи иахьатәи реиԥылараҿ Михеил Саакашшвили изҵаара иахцәажәеит.

Фишер иажәақәа рыла, аиԥылара адетальқәа рыхцәажәара илшом.

„Иахьа абра Евроеидгыла иалоу 15 тәылеи рыцҳаражәҳәаҩцәеи, ЕАШ ацҳаражәҳәара ахаҭарнакцәеи Михеил Саакашвили изҵаара иадҳәаланы Аиустициа аминистр иҳԥылеит. Ҳахцәажәеит имҩаԥысуа апроцесси игәабзиара азҵаареи, аха адетальқәа рыхцәажәара сылшом“, – иҳәеит адипломат.