"Амилаҭтә ҵысра" аинформациала, Бухарест хәажәкыра 6-7 рзы имҩаԥысуа  EPP аконгресс ахь дааԥхьоуп Михеил Саакашвили
"Амилаҭтә ҵысра" аинформациала, Бухарест хәажәкыра 6-7 рзы имҩаԥысуа EPP аконгресс ахь дааԥхьоуп Михеил Саакашвили

“Амилаҭтә ҵысра” аинформациала, Бухарест хәажәкыра 6-7 рзы имҩаԥысуа EPP аконгресс ахь дааԥхьоуп Михеил Саакашвили.

Апартиа аинформациала, Михеил Саакашвили ааԥхьаратә шәҟәы изааишьҭит ЕРР ахантәаҩы Манфред Вебер.

«Ҳаҭыр зқәу ахада, гәахәара ду ала шәааҳаԥхьоит, 2024 шықәса хәажәкыра 6-7 рзы Бухарест имҩаԥысран иҟоу Европа жәлар рпартиа аконгресс ахь. Румыниа Амилаҭтә-либералтә париа аиҿкаарала иимҩаԥысуа аконгресс хықәкыс амоуп европатәи алхрақәа рзы аҽазыҟаҵара», — иануп Европа жәлар рпартиа ахантәаҩы Манфред Вебер Михеил Саакашвили изааишьҭыз ааԥхьаратә шәҟәы аҟны.