Аиустициа аминистр иҭыԥ Паата Салиа иааникылоит, – иҳәеит Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Кобахиӡе иахьа имҩаԥгаз абрифинг аҿы.
„Салиа апарламент алахәыла иауп. Уи даара иқәҿиароу адукат иоуп, Қырҭтәылаҿ зегь реиҳа иқәҿиароу адукат. Иара аҵара Қырҭтәылеи ЕАШ-и рҿы иҵон. Ақәҿиарақәа изеиӷьасшьар сҭахуп”, – иҳәеит Кобахиӡе.