Аиустициа аминистр Паата Салиа Қырҭтәыла иҟоу Шәамахьтәыла ацҳаражәҳәаҩ Ашот Смбатиан диҧылеит
Аиустициа аминистр Паата Салиа Қырҭтәыла иҟоу Шәамахьтәыла ацҳаражәҳәаҩ Ашот Смбатиан диҧылеит.
Аминистрра адыррақәа рыла, аганқәа рхаҭарнакцәа аиустициа аусхкы аҿы аусеицура иалацәажәеит. Иаҵшьны иазгәаҭан ҩ-тәылак рзинтә структурақәа рыбжьара аҧышәа аиҭныҧсахлара иазку Қырҭтәыла-Шәамахьтәылатәи аиуристтә форум аҵакы.
Иара убас, Паата Салиа Ашот Смбатиан инарҭбааны изеиҭеиҳәеит Қырҭтәыла Аиустициа аминистрра аусураҿы аҧыжәара змоу ахырхарҭақәа ирызкны, — иануп Қырҭтәыла Аиустициа аминистрра аҳәамҭаҿы.