Паата Салиа Гаагатәи жәларбжьаратә ашьауҕатә ӡбара апрокурор ихаҭыҧуаҩ Нажат Шамем Хан дылҧылеит
Қырҭтәыла аиустициа аминистр Паата Салиа Гаагатәи жәларбжьаратә ашьауҕатә ӡбара апрокурор ихаҭыҧуаҩ Нажат Шамем Хан дылҧылеит.
Аиустициа аминистрра адыррақәа рыла, аганқәа рхаҭарнакцәа Жәларбжьаратәи ашьауҕатә ӡбара ала Қырҭтәыла иазку аусқәа, лымкаала, 2008 шықәсатәи Урыстәыла-Қырҭтәылатәи еибашьра иазкыз аусеилыргара аҳәаақәа ирҭагӡаны аганқәа русеицуреи аӡбара ақәҵарақәа рынагӡара азҵаареи иалацәажәеит.
Апрокурор ихаҭыҧуаҩи аиустициа аминистри ишазгәарҭаз ала, 2008 шықәса нанҳәазы иҟаҵаз ацәгьаурақәа реилыргаразы аҵакы ҷыда амоуп азарал зауз ауаа ринтересқәа рыхьчара.
Аиҧылараҿы Ауаҩытәыҩса изинқәа рзы Европатәи аӡбара „Қырҭтәыла Урыстәыла иаҿагыланы (IV)“ аус азы аҵыхәтәантәи аамҭазы иаднакылаз ақәҵарақәагьы ирылацәажәеит, арҭ ақәҵарақәа инрықәыршәаны, азарал зауз 29,000ҩык иреиҳаны 253 миллион евро акомпенсациа роуроуп.
Аиҧылара рхы аладырхәит аиустициа аминистр ихаҭыҧуаа – Мераб Туравеи, Беқа Ӡамашвилии, Гьаргь Дгебуаӡеи, Лана Моргошиеи, ICC аделегациа алахәылацәеи.