Қырҭтәыла аиустициа аминистр Паата Салиа, Азербаиџьан Аконституциа адкылара инаркны 30 шықәса аҵра инамаданы имҩаҧгаз аусмҩаҧгатәқәа рҳәаақәа ирҭагӡаны, Азербаиџьан аиустициа аминистр Фарид Ахмедов диҧылеит.
Қырҭтәыла Аиустициа аминистрра адыррақәа рыла, Бақәа имҩаҧгаз аиҧылараҿы аганқәа рхаҭарнакцәа аиустициа аусхкы аҿы ҩ-тәылак рпартниорра иалацәажәеит.
«Паата Салиа азербаиџьантәи иколлега изеиҭеиҳәеит Қырҭтәыла Аиустициа аминистрразы аҧыжәара змоу ахырхарҭақәа ирызкны. Иара убас, 2026 шықәса рашәарамзазы Қырҭтәыла имҩаҧысуа ЕАР афорумахь ааҧхьара ииҭеит. Аиҧылара анҵәамҭаз аганқәа ишазгәарҭаз ала, наҟ-наҟ аусеицура анагӡара иазыхиоуп», — иануп аминистрра аинформациаҿы.