Қырҭтәыла аиустициа аминистр Паата Салиа Страсбург имҩаҧысуа Европа Ахеилак аиустициа аминистрцәа рконференциа ихы алаирхәоит.
Аиустициа аминистрра апресс-маҵзура адыррақәа рыла, аминистр, ганкахьала, ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчареи, егьи аганахьала аҳәынҭқарратә суверинитети амилаҭтә интересқәеи рыхьчара ахымҧадареи, амиграциа ахылаҧшра ахырхарҭала Қырҭтыла иамоу аҧышәеи далацәажәоит.
Страсбург ивизитаан, Қырҭтәыла аиустициа аминистр иколлегацәеи Ауаҩытәыҩса изинқәа рзы Европатәи аӡбара ахантәаҩи дырҧылоит.