Рати Брегаӡе ишааицҳаз, Михеил Саакашвили аклиника "Вивамед" аҿы амедицинатә гәаҭарақәа рымҩаԥгара идаргалеит
Рати Брегаӡе ишааицҳаз, Михеил Саакашвили аклиника "Вивамед" аҿы амедицинатә гәаҭарақәа рымҩаԥгара идаргалеит

Қырҭтәыла Аиустициа аминистр Рати Брегаӡе ишааицҳаз, Михеил Саакашвили аклиника “Вивамед” аҿы амедицинатә гәаҭарақәа рымҩаԥгара идаргалеит. Аминистр иажәақәа рыла, иаҭаххар Саакашвили иашьашәалоу ахәышәтәра изымҩаԥыргоит. Ари атәи Аиустициа аминистр Аиҳабыра радминистрациаҿ имҩаԥгаз абрифинг аҿы ааицҳаит.

Брегаӡе иажәақәа рыла, аҳәынҭқарра еснагь ауаа ргәабзиареи роциалтә интересқәеи рыхьчара иаҿуп.

„Ари иазкны изныкымкуа аҳәамҭақәа ҟаҳҵахьеи. Абаандаҩы Саакашвили амедикаментқәа рыла ахәышәтра изылырҩааит, аха Саакашвили ахәшәқәа иалырхны идикылоит. Иара убас, ахатәгәаԥхарала афатә иалхны идикылоит, ари ала иԥсҭазаара ашәарҭа ҭадиргылоит.

Ҳҳәынҭқарра еснагь ауаа ргәабзиареи роциалтә интересқәеи рыхьчара иаҿуп, убри аҟынтә Михеил Саакашвили аклиника “Вивамед” аҿы амедицинатә гәаҭарақәа рымҩаԥгара идаҳгалеит”, – иҳәеит Брегаӡе.