Михеил Саакашвили Никол Ԥашиниан иахь ааԥхьара ҟаиҵоит
Михеил Саакашвили Никол Ԥашиниан иахь ааԥхьара ҟаиҵоит

Қырҭтәыла ԥасатәи ахада Михеил Саакашвили Шәамахьтәыла аԥыза-министр Никол Ԥашиниан иахь ааԥхьара ҟаиҵоит. Ари атәы Саакашвили асоциалтә каҭаҿы ааицҳаит.

“Шәара шәзы ари даара ихьанҭоуп, аха Шәамахьтәыла иаакәыршаны иҟалаз ахҭысқәа ҳрегион ашанс ҿыц арҭоит. Ԥыҭраамҭак ашьҭахь Балтиатәи хтәылак реиԥш иаарту аҳәаақәа рыла алогистикатәи, афинанстәи, аенергетикатәи ҳабқәа рсистема аԥҵара алшара ҳауеит, ҳтәылақәа ирымоу априоритетқәа раарԥшра ҳалшоит.

Ари азы агәалсра шәхашҭны, ва-банк ахь шәцароуп. Урыстәыла арратә база алгара идҵаны иқәшәыргылароуп, СНГ, ОДКБ,  аҳазалхратә аиқәшаҳаҭра шәрылҵроуп, Нато алаларазы арзаҳал алашәҵароуп.

Азербаиџьани шәареи зыԥшра ҟамҵакәа аҭынчратә аиқәшаҳаҭра шәнапқәа аҵажәҩыроуп.

Шәара афырхаҵара шәыгым, аполитикатә фырхаҵара, агәымшәара шәымоуп, убри аҟынтә Путин шәтәыла анырҵәара зин шиашәымҭо агәра згоит. Ашәарҭа даара идууп, иреалуп, зыԥшра ҟамҵакәа аӡбарақәа рыдкылара аҭахуп”, – иҩит Саакашвили.