Михеил Саакашвили  - Сара ара сыҟоуп, ауаа рацәа ҿыцқәа реизгара сҽаласырхәоит
Михеил Саакашвили - Сара ара сыҟоуп, ауаа рацәа ҿыцқәа реизгара сҽаласырхәоит

Ҳара иҳамдыруа ақәыԥшцәа еиҭах шдәылҵуа агәра ҳамгароуп, сара ара сыҟоуп, ирацәаны ауаа ҿыцқәа реизгара сҽаласырхәоит, – иануп “Амилаҭтә ҵысра” алахәыла Соԥо Џьаԥариӡе дзыԥхьаз Қырҭтәыла ԥасатәи ахада Михеил саакашвили ишҟәы аҟны.

Саакашвили шҟәы ишану ала, Қырҭтәыла импыҵахало, ибаандаҩу тәылоуп.

„Урыстәыла қырҭтәыла ахатә аинрал-губернатор дамоуп, уи Иванишвили иоуп. Иара Урыстәыла ауп ииҵаз ҳтәылаҿ иҟаиҵо аусқәа, аиҳабыреи ахадеи реиҿагылара, ажәлар реиҿагылара иара иоуп изхароу, Европеи Америкеи иааҟәымҵӡакәа ашантаж рзиуеит. Иара изы иреалу ашәарҭа аазырԥшуа рнырҵәара игәы иҭоуп”, – иануп Саакашвили ишҟәы аҟны.

Саакашвили игәаанагара, алҵшәа акзаараҿ ауп иахьыҟоу.

“Агәахәтәы” аидеологиа иадгыло ауаа рацәам, Урыстәылеи Иванишвилии аҭоурых аҿы ииашам аган аадырԥшуеит, Украина мраҭашәара ацхыраарала Урыстәыла иаиаауеит, ари ала иалагоит Урыстәыла аилаҳара апроцесс. Азербаиџьан атерриториатә акзаара аиҭашьақәыргылареи, Шәамахьтәыла иаахтны мраҭашәара адгылареи ирыхҟьаны, Урыстәыла Аладатәи Кавказ аҿы амаз апропаганда ԥсыҽхеит. Аладатәи Кавказ аҟны Урыстәыла арҭ хтәылак аҿы адгылаҩцәа амам, убри аҟынтә аоппозициаа реиҟәшара иахәамԥшыкәа, сара ара сыҟоуп, ирацәаны ауаа ҿыцқәа реизгара сҽаласырхәоит!“, – иазгәеиҭеит Қырҭтәыла ԥасатәи ахада.