Қырҭтәылa Адәныҟaтәи aусқәa рминистрра Қырҭтәыла мпыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы Урыстәыла апрезиденттә алхрақәа рымҩаԥгара иаҿагылоит
Қырҭтәылa Адәныҟaтәи aусқәa рминистрра Қырҭтәыла мпыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы Урыстәыла апрезиденттә алхрақәа рымҩаԥгара иаҿагылоит

Қырҭтәылa Адәныҟaтәи aусқәa рминистрра Қырҭтәыла мпыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы Урыстәыла апрезиденттә алхрақәа рымҩаԥгара аҳәамҭа аланарҵәеит.

Адәныҟатәи аусҳәарҭа аинформациала, Қырҭтәылa Адәныҟaтәи aусқәa рминистрра Қырҭтәыла мпыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы Урыстәылатәи Афедерациа апрезиденттә алхрақәа рымҩаԥгареи алхырҭақәа изакәанымкәа раартреи, аҭыԥантәи ауааԥсыра рҽалархәреи иаҿагылоит.

Қырҭтәылa Адәныҟaтәи aусқәa рминистрра аҳәамҭаҿ ишану ала, ари ахҭыс ала Урыстәылатәи Афедерациа Қырҭтәыла асуверенитети атерриториатә акзаара реилагара ахь иҟуҵру даҽа шьаҿоуп, уи жәларбжьаратәи зин ашьаҭатәи апринципқәеи анормақәеи ЕАР-и Хельсинктәи акти еиланагоит.

„Импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы ампыҵахалара афон аҿы иарбанзаалак алхрақәа рымҩаԥгара иазкәандароуп. Қырҭтәылa Адәныҟaтәи aусқәa рминистрра Урыстәылатәи Афедерциа ахь ааԥхьара ҟанаҵоит Қырҭтәыла асуверенитети атерриториатә акзаареи реилагара аҟәыҵны, жәларбжьаратәи ахыдҵақәа рынагӡара алагарц, урҭ иреиуп 2008 шықәса наҳәа 12 рзы аганқәа ирыбжьарҵаз  аиқәшаҳаҭра анагӡара“, – иануп Қырҭтәылa Адәныҟaтәи aусқәa рминистрра аҳәамҭа аҿы.