Сербиа анапхгаратә патиа Белград алхрақәа реиҭамҩаԥгара иақәшаҳаҭхеит
Сербиа анапхгаратә патиа Белград алхрақәа реиҭамҩаԥгара иақәшаҳаҭхеит

Сербиа анапхгаратә патиа Белград алхрақәа реиҭамҩаԥгара иақәшаҳаҭхеит. Ари аӡбара анапхгара аднакылеит аоппозициаа имҩаԥыргоз аҿакыларатә акциақәеи жәларбжьаратәи анаԥшцәа ԥхынҷкәын 17 рзы имҩаԥгаз алхрақәа рыхәшьараҭара цәгьеи рышьҭахь.

Аоппозициа аиҳабыра алхрақәа рфальсификациа ахаранаҵоит.

Жәабран 28 рзы Аусеицуреи ашәарҭадареи рзы Европатәи аиҿкаара ицәырнагаз аҳасабырбаҿ ишану ала, Сербиа имҩаԥгаз алхрақәа адемократиатә стандартқәа реилагарала мҩаԥган.

Сербиа ахада Александр Вучич иҟиҵаз аҳәамҭала, Аусеицуреи ашәарҭадареи рзы Европатәи аиҿкаара анаԥшцәа рҳасабырба иазыԥхьагәаҭатәуп, Белгра алхрақәа еиҭамҩаԥгатәуп.