Илиа II аҭыҧантәи ахаланапхгаратә алхрақәа рҿы абжьыҭира ихы алаирхәит
Қырҭтәыла Акаталикосс-Патриарх Илиа II аҭыҧантәи ахаланапхгаратә алхрақәа рҿы абжьыҭира ихы алаирхәит. Ари атәы аарыцҳаит Қырҭтәыла Апатриархиа аҟынтәи.
Акаталикос-Патриарх абжьыҭира иҽалаирхәит еиҭагатәу аурна ала.
«Иахьа, жьҭаара 4 рзы, Қырҭтәыла Акаталикосс-Патриарх Илиа II аҭыҧантәи ахаланапхгаратә алхрақәа рҿы абжьыҭира ихы алаирхәит», — иануп Апатриархиа аҳәамҭаҿы.