Қырҭтәыла Акаталикос-Патриарх Қьырса аныҳәа ду инамаданы иҟаиҵаз ажәанҵа
Қырҭтәыла Акаталикос-Патриарх Илиа II, Қьырса аныҳәа ду инамаданы, ақырҭуа Аиашахаҵаратә уахәама ахаҭарнакцәеи, Ивериа иқәынхо ауааҧсыреи, аҳәаанырцә инхо ҳаитәылауааи рзы иҟаиҵаз ажәанҵа ишану ала, Иаса Қьырса иира амш адунеи аҧҵара инаркны иахьанӡа зегьы реиҳа агәырҕьара зцу мшуп.
Анцәа ицәеижьтәра џьашьахәып, уи адунеиаҿ акгьы иузадкылом.
„Анцәа ицәеижьтәра џьашьахәып, уи адунеиаҿ акгьы иузадкылом. 2025 ашықәсазы ақьырсиантә дунеи аҿы Никеиатәи Актәи Еизара 1700 шықәса ахыҵра азгәарҭеит. Ари Аизара ауаатәыҩса рзы еиҭакра дуӡӡак алагамҭаны иҟалеит. Уи ақьырсиантә дунеиаҿ иаку адинхаҵареи, ауахәаматә аиҿкаареи, ауахәамеи аҳәынҭқарреи реизыҟазаашьақәа амодель ҿыци ҳәаақәнаҵеит, анеҩс, абри зегьы Мрагылареи Мраҭашәареи ацивилизациатә политикатәи асоциалтәи архитектониказы шьаҭас иҟалеит.
Ари ахҭыс ду ашьҭахь шықәсык анҵы, даҽакала иуҳәозар, 326 шықәсазы, Қырҭтәыла ақьырсианра аҳәынҭқарратә динхаҵараны иахьрыдыркылаз ҳазгәдууп. Уи иаанагоит ҳтәыла усҟантәи аамҭазы адунеи аҿы иԥхьагылаз атәылақәа рхыԥхьаӡараҿы ишыҟаз, адоуҳатә ҵакы аманы, аиашара ииашаны аилкаарала, Никеиатәи Ахеилак ақьырсиантә дунеи азы иреиҳау аидеалқәа аҧнаҵеит.
Ақьырсианра аҳәынҭқарратә религиас азхаҵара – ацҳаражәҳәаҩцәа раамҭа инаркны, I ашәышықәса инаркны ҳмилаҭ рыгәҭа аларҵәара змаз ахаҵара иабзоуроуп.
Иахьа, адунеи зегьы еиуеиҧшым ауадаҩрақәа ианырҭагыло, 325-326 шықәсқәатәи аҭоурых даҽазнык иҳгәаланаршәоит ақырҭуа жәлар рымчхара – ақьырсиантә принципқәа ракзаареи, адоуҳатәи атәылауаҩратәи аиҿкаареи, 1700 шықәса раԥхьа ҳтәыла иҟанаҵаз алхреи ишабзоуроу. Абарҭ апринципқәа рыхьчара ииасыз аамҭа азгәыкра мацара акәӡам иаанаго, уи наҟ-наҟ ахырхарҭа иаша алхразы зда ҧсыхәа иҟам ҭагылазаашьоуп, избанзар Ҳазшази уи иажәеи наӡаӡатәи аиашароуп», – иануп Кьырса ныҳәа инамааны Апатриарх иҟаиҵаз ажәанҵаҿы.