Илиа II —  Ажәа ахақәиҭра ламысда ахархәара — ҳаамҭазы зегь реиҳа ихьанҭоу ауадаҩрақәа иреиуоуп, аиашареи анажьреи рыла Иҳақәиҭу иахь ацара зылшо роуп арҭ ауадаҩрақәа қәҿиарала рахысра зылшо
Илиа II —  Ажәа ахақәиҭра ламысда ахархәара — ҳаамҭазы зегь реиҳа ихьанҭоу ауадаҩрақәа иреиуоуп, аиашареи анажьреи рыла Иҳақәиҭу иахь ацара зылшо роуп арҭ ауадаҩрақәа қәҿиарала рахысра зылшо

«Иахьа зегьы абзиабареи ахақәиҭреи ирылацәажәоит, аха,  агәнаҳареи агәнаҳаратә ԥсҭазаашьеи рахь абзиабара ииашоуп ҳәа зыҧхьаӡо ауаа зыриашара ҟамло агха ҟарҵоит», — иануп Қьырса ныҳәа инамаданы Қырҭтәыла Апатриарх иҟаиҵаз ажәанҵаҿы.

Апатриарх иҳәамҭала, ажәа ахақәиҭра ламысда ахархәара — ҳаамҭазы зегь реиҳа ихьанҭоу ауадаҩрақәа иреиуоуп, аиашареи анажьреи рыла Иҳақәиҭу иахь ацара зылшо роуп арҭ ауадаҩрақәа қәҿиарала рахысра зылшо.

«Ҳазшаз акгьы ҳадицалом; “ауаҩы иаҧхьа игылоуп аҧсҭазаареи аҧсреи, иара ииҭаху ауп иқәшәо” (Сирах 15:17).

Аҧсҭазаара уазықәҧа  — наӡаӡатәи аҧсҭазаара; Анцәа иуиҭаз алшарақәа раарҧшра уазықәҧа; Анцәа уара иузышьҭымхуа аџьар уқәиҵом. Нас, абзиабара ҧаршеи акәымкәа, абзиабара иаша аҧҟарала унхала», — иануп Апатриарх иажәанҵаҿы.