Қырҭтәыла Акаталикос-Патриарх Илиа II иахьа анышә дамардоит.
Самеба аныхабааҿ Анцәа имаҵзура мҩаҧыргоит Апатриарх ишьҭрамҭаҩ амитрополит Шиои Қырҭтәыла Ауахәама Асинод цқьа алахәылацәеи.
Асааҭ 12:15 рзы Адунеи Апатриарх Варфоломеи I Қырҭтәыла Апатриарх Илиа II ихаҧхьара ақьабз мҩаҧигоит.
Ацеремониа рхы аладырхәоит еиуеиҧшым аделегациақәа.
Қырҭтәыла Акаталикос-Патриарх Илии II Самеба ауахәамантә ддәылыргоит асааҭ 15:00 рзы, анеҩс, Сиони аныхабаашҟа шьапыла аныҟәара иалагоит.
Илиа II иҧсыжраан Сиони аныхабааҿ иҟазаауеит адоуҳаныҟәгаҩцәа мацара.
Қырҭтәыла Акаталикос-Патриарх Илиа II, 93 шықәса дшырҭагылаз, хәажәкыра 17 рзы иҧсҭазаара далҵит.