Қарҭ ахада иҭыҧ иазықәҧоит жәҩык акандидатцәа
Қарҭ ахада иҭыҧ иазықәҧоит жәҩык акандидатцәа

Иахьа имҩаҧысуа аҭыҧантәи ахаланапхгаратә органқәа рахь алхрақәа рҿы Қарҭ ахада иҭыҧ иазықәҧоит жәҩык акандидатцәа.

«Абызшәа, Аҧсадгьыл,  Адинхаҵара» – Ҭемур Бокелаваӡе  (алхратә номер  1);

«Аконсерваторцәа Қырҭтәылазы» – Зураб Махараӡе (алхратә номер  3);

«Зхы иақәиҭу Қырҭтәыла» – Каха Кукава (алхратә номер  7);

«Апатриотцәа ралианс» – Оҭар Ҷиҭанава (алхратә номер  8);

«Қырҭтәыла ҕәҕәа азы  – Лело» – Иракли  Купраӡе (алхратә номер  9);

«Қырҭтәыла» – Гьаргь  Лилуашвили (алхратә номер  11);

«Аеҵәақәа рпартиа» – Гьаргь  Гачечилаӡе  (алхратә номер  12);

«Гирчи» – Иаго  Хвичиа (алхратә номер  36);

«Ақырҭуа гәахәтәы» – Каха Калаӡе (алхратә номер  41).

Акандидат, аиааира игарцаз,  50-наӡынатәи абариер дахысроуп, мамзар, актәии аҩбатәии аҭыҧқәа зауа акандидатцәа рыбжьара аҩбатәи атур мҩаҧысуеит.

Қарҭ абжьыҭиразы арегистрациа иахысит  1 043 482 алхыҩцәа, иаартуп  582 алхырҭақәа.