Аиустициа аминистрраҿы Зхы иақәиҭу ииашоу алхрақәа рзы аусбарҭабжьаратә комиссиа анеҩстәи аилатәара мҩаҧган
Аиустициа аминистрраҿы Зхы иақәиҭу ииашоу алхрақәа рзы аусбарҭабжьаратә комиссиа анеҩстәи аилатәара мҩаҧган

Аиустициа аминистрраҿы Зхы иақәиҭу ииашоу алхрақәа рзы аусбарҭабжьаратә комиссиа анеҩстәи аилатәара мҩаҧган. Ари аинформациа аланарҵәеит Аиустициа аминистрра.

Аминистрра апрессмаҵзура адыррақәа рыла,  2025 шықәсатәи аҭыҧантәи алхрақәа рҟнынӡа имҩаҧгоу акомиссиа аҵыхәтәантәи аилатәараҿы, акомиссиа алахәылацәа, алхраҧхьанӡатәи апроцесс шымҩаҧысуа иалацәажәеит.

„Аилатәараҿы ишазгәаҭаз ала, аполитикатә субиектқәа, рхы иақәиҭны, ииашоу алагылазаараҿы алхратә аиҧыларақәа рымҩаҧгара алшара рыман. Аусбарҭабжьаратә комиссиа аусуреи амедиамониторинги ирылҵшәаны аҳәынҭқарратә маҵзузуҩцәа рыла алхратә закәанеидкыла аилагара зҵакы дуу афактқәа аарҧшымызт.

Акомиссиа алахәылацәа Алхратә комиссиа хада ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩ иҟынтә инарҭбаау аинформациа роуит алхратә комиссиа имҩаҧнагаз аусура иазкны.

Акомиссиа анеҩстәи аилатәара мҩаҧгахоит абжьыҭира амш – жьҭаара 4 ашьҭахь.

Алхратә закәанеидкыла ашьаҭала еиҿкааз Аусбарҭабжьаратә комиссиа зхы иақәиҭу ииашоу алхрақәа рзы еиқәнаршәоит аҳәынҭқарратә маҵзуҩцәа рыла азакәан аилагара апревенциеи, афактқәа зегьы рықәҿыҭреи, иашьашәалоу абжьагарақәа рырмазеиреи.

Акомиссиа дахагылоуп аиустициа аминистр Паата Салиа. Акомиссиа иалоуп еиуеиҧшым аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рнапхгаратә хаҿқәа. Акомиссиа аусура нанагӡоит алхрақәа аҵыхәтәантәи рылҵшәақәа рцәыргаранӡа“, – иануп Аиустициа аминистрра аинформациаҿы.