Аиустициа аминистрраҿы ишырҳәаз ала, Паата Бурҷулаӡеи, Мурҭаз Зоделавеи, Иракли Надираӡеи, Паата Марџьҕалаӡеи ҧхынҷкәын 9-нӡа аҭелла ацәажәареи, аибабарақәеи, ашәҟәеимдареи азин роуам
Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра акриминалтә полициа аҳәара ашьаҭала, Паата Бурҷулаӡеи, Мурҭаз Зоделавеи, Иракли Надираӡеи, Паата Марџьҕалаӡеи, Лаша Бериӡеи ҧхынҷкәын 9-нӡа аҭелла ацәажәареи, аибабарақәеи, ашәҟәеимдареи азин роуам.
Ари атәы аарыцҳаит Аиустициа аминистрра аҟынтәи. Адукатцәа ари аинформациа шьақәдырҕәҕәеит.
Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнакцәа Паата Бурҷулаӡеи, Мурҭаз Зоделавеи, Иракли Надираӡеи, Паата Марџьҕалаӡеи, Лаша Бериӡеи, аконституциатә аиҿкара мчыла аҧсахразы ааҧхьара аҟаҵара ахарадҵарала, жьҭаара 5 рзы иааныркылеит.