2026 шықәсазы Қырҭтәыла Аиустициа аминистрраҿ ЕАР азеиԥш сервисқәа адунеитә рфорум мҩаԥгахоит
2026 шықәсазы Қырҭтәыла Аиустициа аминистрраҿ ЕАР азеиԥш сервисқәа адунеитә рфорум мҩаԥгахоит

2026 шықәсазы Қырҭтәыла Аиустициа аминистрраҿ ЕАР азеиԥш сервисқәа адунеитә рфорум мҩаԥгахоит, – аанацҳаит Қырҭтәыла Аиустициа аминистрра апрессмаҵзура.

Аусҳәарҭа аинформациа ала, ЕАР азеиԥш сервисқәа адунеитә рфорум Қырҭтәыла амҩаԥгара азҵааразы аӡбара рыдыркылеит ЕАШ авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥгаз Қырҭтәыла Аиустициа аминистр Рати Брегаӡеи  ЕАР амаӡаныҟәгаҩ хада ихаҭыԥуаҩи реиԥылараҿ.

ЕАР амаӡаныҟәгаҩ хада ихаҭыԥуаҩ Ли Џьунҳуа  азеиԥш администрирра адгыларазы Қырҭтәыла Аиустициа аминистрра ҳаҭарнакцәа иҭабуп ҳәа  раиҳәеит.

Қырҭтәыла Аиустициа аминистр Рати Брегаӡе ЕАР амаӡаныҟәгаҩ хада ихаҭыԥуаҩ Ли Џьунҳуа 2023 шықәса ԥхынҷкәын азы диԥылеит.

ЕАР азеиԥш сервисқәа адунеитә рфорум есышықәса рхы аладырхәоит 800-1000-ҩык, урҭ иреиуп аиҳабырақәа рлидерцәа, аполитикцәа, еиуеиԥшым асекторқәа рхаҭарнакцәа.