Аиустициа аминистрра анапхгарала, зхы иақәиҭу, ииашоу алхарақәа рзы Аусбарҭабжьаратә комиссиа аилатәара мҩаҧган
Аиустициа аминистрра анапхгарала, зхы иақәиҭу, ииашоу алхарақәа рзы Аусбарҭабжьаратә комиссиа аилатәара мҩаҧган

Аиустициа аминистрра анапхгарала, зхы иақәиҭу, ииашоу алхарақәа рзы Аусбарҭабжьаратә комиссиа аилатәара мҩаҧган. Аилатәара анапхгара азиуит аиустициа аминистр Паата Салиа.   Аиустициа аминистрра аинформациа инақәыршәаны, аилатәараҿы акомиссиа алахәылацәа,  2025 шықәсатәи аҭыҧантәи алхрақәа алхраҧхьатәи апроцесс амониторинг алҵшәақәеи алхрақәа раан иҟалаз ахҭысқәеи ирылацәажәеит.

„Алахрақәа ҭынч, аконкуренциатә лагылазаараҿы имҩаҧган. Алхратә комиссиа хада адыррақәа рыла, аокругтә комиссиақәа ирылаҵан 25 мацара ашшыҧхьыӡқәа, аха, уаҟа зыӡбахәы ҳәоу аилагарақәа алхрақәа рҵыхәтәантәи алҵшәақәа рзы анырра рымам. Алхратә лагылазаара амониторинг апроцессаҿ Аусбарҭабжьаратә комиссиа алахәылацәа амедиаҿы аларҵәара зауз, иара убас, аполитикатә аидҵарақәа рҟынтә ироуз аинформациа ҭырҵаауан. Акомиссиа алхрақәа аҵыхәтәантәи алҵшәақәа рцәыргаранӡа аус ауеит, аихшьаалатә ҟазшьа зауа даҽа аилатәарак мҩаҧгахоит“, – иануп Аиустициа аминистрра аинформациаҿы.