Аиустициа аминистрра – Страсбургтәи аӡбара Қырҭтәыла Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аӡбаҩцәа рхьыҧшымра азҵаара иазкыз ашшыҧхьыӡқәа рыдкылара ҟалом ҳәа ирыҧхьаӡеит
Ауаҩытәыҩса изинқәа рзы европатәи аӡбарҭа иашьашәалоу ашаҳаҭгақәа рыла ишьақәырҕәҕәаз Аиустициа аминистрра азинтә позициа иақәшаҳаҭхан, Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аӡбаҩцәа рхьыҧшымра азҵаара иазкыз ашшыҧхьыӡқәа рыдкылара ҟалом ҳәа ирыҧхьаӡеит. Ари атәы иануп Қырҭтәыла Аиустициа аминистрра иаланарҵәаз аофициалтә информациаҿы.
Аинформациа ишану ала, зыӡбахәы ҳәоу ашшыҧхьыӡқәа рыла, урҭ алазҵаз ауаа ишьақәдырҕәҕәар рҭахын дара русқәа ирыхәаҧшуаз аӡбаҩ ганк дадгылозшәа.
„Ауаҩытәыҩса изинқәа рзы европатәи аӡбарҭа иашьашәалоу ашаҳаҭгақәа рыла ишьақәырҕәҕәаз Аиустициа аминистрра азинтә позициа иақәшаҳаҭхан, Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аӡбаҩцәа рхьыҧшымра азҵаара иазкыз ашшыҧхьыӡқәа рыдкылара ҟалом ҳәа ирыҧхьаӡеит. Ақәҵараҿы, Страсбургтәи аӡбара, аиашаӡбара асистема аиҕьтәразы 2012 шықәса инаркны Қырҭтәыла аиҳабыра имҩаҧыргаз ареформақәа ирылацәажәоит. Зыӡбахәы ҳәоу азҵаара иадҳәаланы Страсбургтәи аӡбарҭа ишьақәнаргылеит ашшыҧхьыӡ алаҵаҩ иус ииашаны ахәаҧшра азин аилагара адыргақәагьы шыҟам. Убри аҟынтә, арҭ ашшыҧхьыӡқәа рыдкылара ҟалом ҳәа ирыҧхьаӡеит“, – иануп Қырҭтәыла Аиустициа аминистрра аинформациаҿы.