Рати Брегаӡе аофициалтә визитла Америка дыҟоуп
Рати Брегаӡе аофициалтә визитла Америка дыҟоуп

Аиустициа аминистр Рати Брегаӡе аофициалтә визитла Америка дыҟоуп.

Аминистр Ниу-Иорк ассамблеиаҿы дықәгылеит.

„2008 шықәсатәи урыстәыла-қырҭтәылатәи еибашьра анеҩс жәохә шықәса ҵит, ари аибашьра иалаӡит даӡәымкәа Қырҭтәыла аҭынчуааи арратә маҵзуҩцәеи. ICC апрокурор иофис аҟны аусеицурала алҵшәа бзиа ҳауит. Лымкаала, 2022 шықәса рашәара 30 рзы, Гаагатәи аӡбарҭа, нанҳәатәи еибашьраан Қырҭтәыла ауааҧсыра ирҿагыланы иҟаҵаз ацәгьаурақәа рзы  Цхинвалтәи арегион хҩык ачынуаа раанкыларазы аордер ҭнажьит. 2022 шықәса ҧхынҷкәын 16 рзы  ICC апрокурор имҩаҧигаз аусеилыргара инақәыршәаны, нанҳәатәи еибашьраан Қырҭтәыла  ала жәларбжьаратәи зин анормақәа реилагара, ма иарбанзаалак даҽа аилагарак аарҧшымызт”, – иҳәеит Рати Брегаӡе.

Аиустициа аминистр азин аиҳаӡареи агәаҟра зхызгаз ауаа рыхьчареи азҵаарақәа рзы  ICC имҩаҧнаго аусура аҵакы азгәаҭаны, ишиҳәаз ала, наҟ-наҟ аӡбарҭаҟны аусеицура дазыхиоуп.

Сынтәа ҧхынҷкәын  4-14 рзы Ниу-Иорк Ашьауҕатә жәларбжьаратәи аӡбарҭа (ICC) ассамблеиа мҩаҧысуеит, уи иалахәып Қырҭтәыла аделегациагьы.

Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла Аиустициа аминистрра апресс-маҵзура.