Лаша Маҕраӡе Ниу-Иорк имҩаҧысуаз Атерроризм аҿагыларазы ЕАР амчыбжь аконференциаҿы дықәгылеит
Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аиҳабы актәи ихаҭыҧуаҩ Лаша Маҕраӡе Ниу-Иорк имҩаҧысуаз Атерроризм аҿагыларазы ЕАР амчыбжьа аконференциаҿы дықәгылеит.
Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аҟынтәи ишаарыцҳаз ала, Маҕраӡе жәларбжьаратәи атерроризм иадҳәаланы адунеиаҿ иҟоу апроблемақәеи урҭ рҭыҧқәҵаразы аеффективтә механизмқәа раҧҵара аҵаки далацәажәеит.
Лаша Маҕраӡе ишиҳәаз ала, Қырҭтәыла, атерроризм иарбанзаалак аарҧшра ҕәҕәала иаҿагылоит, аглобалтә терроризм иахылҵуа ашәарҭарақәа рҽацәыхьчаразы, иашьашәалоу жәларбжьаратәи арегионалтәи аиҿкаарақәеи апартниорцәеи аус рыцнауеит. Иара убас, ЕАР аглобалтә контртеррористтә стратегиа инақәыршәаны, Қырҭтәыла еиҧҟьарада имҩаҧнагоит атеррористтә шәарҭарақәа рықәҿыҭразы атәыла ахиазаара еиҕьазтәо аусмҩаҧгатәқәа.
ЕАР аштаб-уадаҿ данықәгылоз Қырҭтәыла Ашәарҭадара амаҵзура аиҳабы актәи ихаҭыҧуаҩ даҽазнык ишьақәирҕәҕәеит атерроризм аҿагылара аус аҿы Қырҭтәыла, ҩ-ганктәи, иара убас, аганрацәалатә форматқәа рҿы аусеицура ишазыхиоу.