Ақалақьтә аихамҩатә корридор атехника-економикатә ахықәкыхәарҭара аҭҵааразы жәларбжьаратә тендер рылаҳәоуп
Қарҭ ахадара аинициативала, „Қырҭтәылатәи аихамҩа“ аус ацурала, ақалақьтә аихамҩатә корридор атехника-економикатә ахықәкыхәарҭара аҭҵааразы жәларбжьаратә тендер мҩаҧгахоит, – иҳәеит Қарҭ ахада Каха Калаӡе аҳҭнықалақь аиҳабыра иахьатәи реилатәараҿы.
Иара иажәақәа рыла, атендер алахәызааразы арзаҳалқәа рыдыркылоит ҧхынгәы 13-нӡа.
„Жәларбжьаратә тендер рылаҳәоуп Азиатәи аҿиара абанк аахәарақәа рҧҟарақәа инрықәыршәаны. Арзаҳалқәа ҳадаҳкылоит ҧхынгәы 13-нӡа. Апроект аконцепциа еиқәыршәоуп Қарҭ иҭышәынтәалоу аурбантә мобилра аплан ашьаҭала, уи ала иазҧхьагәаҭоуп уажәазы иҟоу аихамҩатә инфраструктура ахархәарала, аҳҭнықалақьи Мцхеҭеи, Русҭавии, Қарҭтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәазеи, мрагыларатә раионқәеи рыбжьара аимадара аиқәыршәара. Аха, иаҭаххар, аихамҩатә цыҧҵәаха ҿыцқәеи иакәшаны ицо ацәаҳәақәеи рыргылара азҵаарагьы ҳахәаҧшуеит“, – аиҳәеит Қарҭ ахада.
Каха Калаӡе иҳәамҭала, апроект хықәкыс иамоуп шьаҭанкылатәи атехника-економикатә ҭҵаарақәа рымҩаҧгареи, иара убас, аҧсабарахьчаратәи, асоциалтәи, афинанстә аганқәа ахәшьара рыҭареи.
Иара иажәақәа рыла, атехникатә ганахьала ари апроцесс иахылаҧшуеит Қарҭ ахадара Атранспорти аурбантә аҿиареи рзы агентра.