Қырҭтәыла аҭыҧантәи ахаланапхгратә органқәа рахь алхрақәа мҩаҧысуеит
Қырҭтәыла аҭыҧантәи ахаланапхгратә органқәа рахь алхрақәа мҩаҧысуеит

Қырҭтәыла аҭыҧантәи ахаланапхгратә органқәа рахь алхрақәа мҩаҧысуеит

Иахьа, жьҭаара 4 рзы, Қырҭтәыла аҭыҧантәи ахаланапхгаратә органқәа рахь алхрақәа мҩаҧысуеит. Абжьыҭира иалагеит асааҭ  08:00 рзы, алхрақәа иадыркуеит асааҭ  20:00 рзы.

Атәыла зехьынџьара  атәылауаа иалырхуеит  64 сакребуло  рахь 2 058ҩык адепутатцәеи, иара убас,  64 ақалақьқәа рхадацәеи.

Алхрақәа ирыцклаҧшуеит  28ҩык жәларбжьаратәи  27ҩык аҭыҧантәии анаҧшратә аиҿкаарақәа, ари апроцесс иҭырхуеит   73 амассатә информациатә хархәагақәа рҟынтә зқьҩык раҟара ажурналистцәа.

«Атәыла зехьынџьара иаартуп 3 061 алхырҭақәа, урҭ рҟынтә  2 284 алхырҭақәа рҿы абжьыҭира мҩаҧгахоит аелектронтә формала,  777 алхырҭақәа рҿы атрадициатә ҧҟарала.

Жьҭаара 4 рзы аҭыҧантәи ахаланапхгаратә алхрақәа рзы абжьыҭира рҽаладырхәоит  3 513 818ҩык алхыҩцәа.

Алхрақәа ирылахәуп 12 аполитикатә аидҵарақәа:

«Аконсерваторцәа Қырҭтәылазы» (3), «Аҧсадгьыли, абызшәеи, адинхаҵареи» (1), «Жәлар рымчра» (14), «Қырҭтәыла ҕәҕәа-Лело» (9), «Гахариа  Қырҭтәылазы» (25), «Ақырҭуа гәахәтәы» (41), «Гирчи» (36), «Қырҭтәыла» (11), «Армарахьтәи алианс» (10), «Қырҭтәыла апатриотцәа ралианс» (8), «Қырҭтәыла акзаара» (4), «Аиаҵәақәа рпартиа» (12), «Иаку Қырҭтәыла» (5), «Зхы иақәиҭу Қырҭтәыла» (7).