Қырҭтәыла Иқәыҧшу аиуристцәа рассоциациа, атрадициатә анаҧшратә миссиа аҳәаақәа ирҭагӡаны жьҭаара 4 рзы имҩаҧысуа алхрақәа изрыцклаҧшуам
Қырҭтәыла Иқәыҧшу аиуристцәа рассоциациа, атрадициатә анаҧшратә миссиа аҳәаақәа ирҭагӡаны жьҭаара 4 рзы имҩаҧысуа алхрақәа изрыцклаҧшуам

Қырҭтәыла Иқәыҧшу аиуристцәа рассоциациа, атрадициатә анаҧшратә миссиа аҳәаақәа ирҭагӡаны жьҭаара 4 рзы имҩаҧысуа алхрақәа изрыцклаҧшуам. Ари атәы иануп Иқәыҧшу аиуристцәа рассоциациа иаланарҵәаз аҳәамҭаҿы.

«Қырҭтәыла Иқәыҧшу аиуристцәа рассоциациа, аҵыхәтәантәи 31 шықәса ирылагӡаны раҧхьаӡа акәны, атрадициатә анаҧшратә миссиа аҳәаақәа ирҭагӡаны жьҭаара 4 рзы имҩаҧысуа алхрақәа изрыцклаҧшуам.

2025 шықәса жьҭаара 4 рзы аҭыҧантәи алхрақәа мҩаҧысуеит Қырҭтәыла ҳаамҭазтәи аҭоурыхаҿ зегьы реиҳа иуадаҩу, ихьанҭоу аполитикатәи азинтәи ҭагылазаашьаҿы.

Адемократиа шьҭахьҟацареи, атәылауаҩратә уаажәларреи АИХқәеи рганахьала арепрессивтә политикеи,  аҧкратә закәанқәа рыдкылареи, иара убас, анаҧшцәа ирызку азинтә база аицәахареи амшала, ҳара иахәҭоу анаҧшратә миссиа аиқәыршәареи алхрақәа рмониторинг амҩаҧгареи ҳалшом», — иануп Қырҭтәыла Иқәыҧшу аиуристцәа рассоциациа аҳәамҭаҿы.