Иқәыҧшу аиуристцәа рассоциациа – Иахьа Мзиа Амаҕлобели аклиника „Вивамед“ аҟынтә апенитенциартә усбарҭашҟа диаргоит,  лара лхаҭа ус илҭаххеит
Иқәыҧшу аиуристцәа рассоциациа – Иахьа Мзиа Амаҕлобели аклиника „Вивамед“ аҟынтә апенитенциартә усбарҭашҟа диаргоит,  лара лхаҭа ус илҭаххеит

„Нетгазеҭи“  „Баҭумелебии“ рышьаҭакҩы Мзиа Амаҕлобели иахьа  аклиника „Вивамед“ аҟынтә апенитенциартә усбарҭашҟа диаргоит.  Ари аинформациа аланарҵәеит  Иқәыҧшу аиуристцәа рассоциациа.

Аиуристцәа рҳәамҭала, Мзиа Амаҕлобели хәажәкыра 4 рзы Баҭым имҩаҧысуа лусӡбаратә процесс лхы алалырхәыр лҭахуп.

„Иахьа Мзиа Амаҕлобели аклиника „Вивамед“ аҟынтә апенитенциартә усбарҭашҟа диаргоит,  лара лхаҭа ус илҭаххеит. Иара убас, лара, лдукатцәа дрыцны,  хәажәкыра 4 рзы Баҭым имҩаҧысуа лусӡбаратә процесс лхы алалырхәыр лҭахуп“, – ирҳәеит Иқәыҧшу аиуристцәа рассоциациаҿы.