Мзиа Амаҕлобели лус азы ақәҵара рылаҳәахоит нанҳәа  6 рзы
Мзиа Амаҕлобели лус азы ақәҵара рылаҳәахоит нанҳәа  6 рзы

Аҭыжьымҭақәа «Баҭумелебии»  «Нетгазеҭи» рышьаҭакҩы  Мзиа Амаҕлобели лус азы азыӡба рылаҳәахоит нанҳәа  6 рзы. Ари аӡбара лыдылкылеит Баҭымтәи аӡбарҭа аӡбаҩ  Нино Сахелашвили.

Мзиа Амаҕлобели аҵыхәтәантәи ажәа лҳәан, ишазгәалҭаз ала, аҭакҧхықәра ацәцара лгәы иҭам:

«Сбаандаҩтәра раҧхьатәи амш инаркны изныкымкәа исҳәахьеит аҭакҧхықәра сшацәымцо. Азакәанаҿ  сара иҟасҵаз иашьашәалоу астатиа иҟоуп – аҿасра.  Сара сшыԥҳәысу ҳасаб азыжәурц сшәыҳәом. Сгәабзиара  аҭагылазаашьа шәазхәыцырц шәасҳәом. Ашаҳаҭгақәа иҟоуп.

Абра лассы-лассы избоит АИХқәеи ажурналистцәеи рзинқәа рыхьчара аусхкы аҿы аус зуа аиҿкаарақәеи ацҳаражәҳәарақәеи рхаҭарнакцәа. Дара хаҭала сара исыдгыларц азыҳәан абрахь иаауеит ҳәа сгәы иаанагом. Дара абра иҟоуп европатәи ҳҧеиҧши ажәа ахақәиҭреи иадгыларц азыҳәан. Абра рыҟазаара иаанаго акоуп – арежим иаҿагыло ақәҧараҿы ҳзаҵәым, дара иҳадгылоуп. Қырҭтәыла аҩызцәа ҭабуп ҳәа расҳәоит.

Акритикатә АИХқәа рҿы аус зуа сколлегацәа зегьы ҭабуп ҳәа расҳәоит.

Сҭаацәареи сҩызцәеи рҿаҧхьа аҭамзаара шьҭасҵоит, избанзар зегьы реиҳа иуадаҩу аамҭазы  рыдгылара алшара сымам.   Иарбан ӡбароу ишәыдышәкылалакгьы, ижәдыруазар сҭахуп аиааира згазшәа схы шызбо.  Сҩызцәа, шәымхьаҵын! Шәыгәра згоит. Агәра ганы сыҟоуп ашәарҭара шдуугьы шәшьаҿа цыҧхьаӡа  ажәа ахақәиҭра ишазкызаауа. Арежим атҟәацәа зегьы рхы иақәиҭзароуп. Ҳара ацәгьауцәа ҳакәӡам».

Мзиа  Амаҕлобели ажьырныҳәа 11 рзы Баҭым даанкылан. Лара аполицаи иҿасра лхарарҵоит, ари ахарадҵарала  иазҧхьагәаҭоуп 4 шықәса инаркны  7 шықәсанӡа аҭакра.