Баҭым ақалақьтә аӡбара Мзиа Амаҕлобели ҩышықәса аҭакра лықәнаҵеит
Баҭым ақалақьтә аӡбара Мзиа Амаҕлобели ҩышықәса аҭакра лықәнаҵеит

Баҭым ақалақьтә аӡбара Мзиа Амаҕлобели ҩышықәса аҭакра лықәнаҵеит

Баҭым ақалақьтә аӡбара «Батумелебии»  «Нетгазетии» рышьаҭакҩы Мзиа Амаҕлобели ҩышықәса аҭакра лықәнаҵеит. Иахьатәи аӡбаратә процессаҿ ари ақәҵара рылалҳәеит аӡбаҩ Нино Намешвили.

Аҿҳәара аҧхьаӡара иалагоит ажьырныҳәа 12 инаркны.

Мзия Амаҕлобели Баҭым, аполициа ахыбра аҧхьа, ажьырныҳәа 11 рзы даанкылан. Лара аполициа аусзуҩ иқәларазы ахара лыдуп. Ари ахарадҵарала иазҧхьагәаҭоуп  4 шықәса инаркны  7 шықәсанӡа аҭакра.