Мзиа Амаҕлобели Сахаров ипремиа ланашьоуп
Мзиа Амаҕлобели Сахаров ипремиа ланашьоуп

Европатәи апарламент ақырҭуеи беларустәи ажурналистцәа  — Мзиа  Амаҕлобелии Анџьеи  Почобути Сахаров ипремиа рананашьеит.

Аҭыжьымҭақәа  «Batumelebi»-и «Netgazeti»-и рышьаҭакҩы  Мзиа Амаҕлобели Сахаров ипремиа аиуразы дықәнаргылеит  «Европа жәлар рпартиа».

Апленартә сессиаҿы алауреатцәа рыхьӡқәа лҳәеит Европарламент ахада  Роберта Метсола.

«Ажурналистцәа рҩыџьагьы рус анагӡареи аиашамра алацәажәареи азыҳәан иахьа абахҭа иҭакуп. Дара, рфырхаҵара абзоурала, ахақәиҭра азықәҧара символс иҟалеит. Ари аинститут ахақәиҭра азықәҧара назыгӡо ауаа ирыдгылоуп», — илҳәеит  Роберта Метсола.

Сахаров ипремиа рыҭара ацеремониа мҩаҧгахоит ҧхынҷкәын  16 рзы. Апремиа  50 000 евро иаҟароуп.