Мзиа Амаҕлобели лдукат иҳәамҭала,  аӡбарҭа ахақәиҭра аҧкра  аҧсахра иадҳәаланы адукат иҟаиҵаз аҳәара иақәшаҳаҭымхеит
Мзиа Амаҕлобели лдукат иҳәамҭала,  аӡбарҭа ахақәиҭра аҧкра  аҧсахра иадҳәаланы адукат иҟаиҵаз аҳәара иақәшаҳаҭымхеит

Мзиа Амаҕлобели лдукат  Гьаргь Химшьиашвили иҳәамҭала,  аӡбарҭа ахақәиҭра аҧкра  аҧсахра иадҳәаланы адукат иҟаиҵаз аҳәара иақәшаҳаҭымхеит.

Иара иҳәамҭала, аӡбарҭа ақәҵара дазашшуеит.

«Аӡбарҭа ахьчаратә аган аҳәара иақәшаҳаҭымхеит. Аӡбарҭа азакәандара аҭоурых аҩра иаҿуп ҳәа ҳгәы иаанагоит. Аӡбарҭа ақәҵара закәаным, ҳара уи ҳазашшит», — иҳәеит Гьаргь  Химшьиашвили.

Баҭым ақалақьтә аӡбарҭа аполициа аусзуҩ иқәларазы иаанкылоу Мзиа Амаҕлобели ажьырныҳәа 14-нӡа ахақәиҭра аҧкра лықәырҵеит. Мзиа Амаҕлобели 34 мшы дымлашьуеит,  лара аклиника  «Вивамед» ашҟа диаргеит.