Баҭым Европа ашҭаҿ Мзиа Амаҕлобели лыдгыларазы амитинг мҩаҧган.
Амитинг алахәылацәа Мзиа Амаҕлобели лхақәиҭтәра иаҳәон.
Ажурналистцәа инрывагыланы, амитинг рхы аладырхәит астудентцәеи, атәылауаҩратә активистцәеи, еиуеиҧшым аиҿкаарақәа рхаҭарнакцәеи.
Дара ишырҳәаз ала, Мзиа Амаҕлобели доурыжьҭаанӡа еиуеиҧшым аформақәа рыла апротест нарыгӡоит.