Иқәыҧшу аиуристцәа рассоциациа  - Баҭым апротесттә акциа аан иаанкылаз Ҭемур Қаҭамаӡе  амлашьра  48-тәи амш азы ахәышәтәырҭахь диаргеит
Иқәыҧшу аиуристцәа рассоциациа  - Баҭым апротесттә акциа аан иаанкылаз Ҭемур Қаҭамаӡе  амлашьра  48-тәи амш азы ахәышәтәырҭахь диаргеит

Баҭым апротесттә акциа аан иаанкылаз Ҭемур Қаҭамаӡе  амлашьра  48-тәи амш азы ахәышәтәырҭахь диаргеит. Ари атәы аарыцҳаит Иқәыҧшу аиуристцәа рассоциациа  аҟынтәи.

Ассоциациа адырра ишану ала, аҵыхәтәаны Қаҭамаӡе амедицинатә гәаҭара изымҩаҧыргеит  жәабран  15 рзы.

«Изныкымкәа аҳәара шыҟаҳҵазгьы, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра Қаҭамаӡе игәабзиара аҭагылазаашьа иазкны аинформациа ҳарымҭеит. Ҭемур Қаҭамаӡе ишиҳәаз ала, амлашьра амшала  20 кьыла игхеит, аиҭаҵра ицәыуадаҩуп. Иацы иара ахәышәтәырҭашҟа ацара дақәшаҳаҭхеит.

Хәажәкыра 18 рзы Қарҭ ақалақьтә аӡбарҭа Қаҭамаӡе ахҵәа истатус ма агуманитартә статус аиуразы  мап ицәыркит. Қаҭамаӡе ари аӡбара дазашшуеит, избанзар зыӡбахәы ҳәоу астатус анашьаразы мап ицәкразы ашьаҭа иҟамызт», — иануп Иқәыҧшу аиуристцәа рассоциациа аинформациаҿы.