Иаха Урыстәыла Украина хобластк рҿы аенергетикатәинфраструктуратә обиектқәа рганахьала ажәылара мҩаԥнагеит
Иаха Урыстәыла Украина хобластк рҿы аенергетикатәинфраструктуратә обиектқәа рганахьала ажәылара мҩаԥнагеит

Иаха Урыстәыла Украина хобластк рҿы аенергетикатәинфраструктуратә обиектқәа рганахьала ажәылара мҩаԥнагеит. Аобиектк аҿы хаҿык дхәит, – ааицҳаит Украина Аенергетика аминистр Герман Галушьенко.

Аминистр иажәақәа рыла, урыстәылатәи мчқәа Днепропетровсктәи, Иваново-Франковсктәи, Львовтәи аобластқәа рганахьала ажәылара маҩаԥыргеит.

Украинатәи аенеркоеилахәыра DTEK аҟынтә ишаарыцҳаз ала, уахынла урыстәылатәи мчқәа рымшала аԥхасҭаду роуит аԥхаратә станциақәа ԥшьба, ԥшьҩык ахәрақәа роуит.

Украина аҳауахьчаратә мчқәа рдыррақәа рыла, уахынла ампыҵахаларатә мчқәа Украина ахырхарҭала 34 ракета рышьҭит, урҭ рҟынтә укринаа 21 карыжьит.