Axios - Владимир Путин еимактәыс иҟоу аҵакырадгьылқәа рҿы ареферендумқәа рымҩаҧгаразы раҧхьаӡа акәны амца аанкылара дақәшаҳаҭхеит
Axios - Владимир Путин еимактәыс иҟоу аҵакырадгьылқәа рҿы ареферендумқәа рымҩаҧгаразы раҧхьаӡа акәны амца аанкылара дақәшаҳаҭхеит

«Урыстәыла ахада Владимир Путин еимактәыс иҟоу аҵакырадгьылқәа рҿы ареферендумқәа рымҩаҧгаразы раҧхьаӡа акәны амца аанкылара дақәшаҳаҭхеит», – аанацҳаит аҭыжьымҭа Axios.

Аҭыжьымҭа адыррала, уаанӡа урыстәылатәи аган, аҵыхәтәантәи еиқәшаҳаҭранӡа амца аанкылара иақәшаҳаҭымызт, аха, уажәы, абри аҩыза ареферендумқәа рымҩаҧгаразы амца шаанкылатәу иазхарҵеит.

Америкатә ачынуаҩ аҭыжьымҭа ахаҭарнакцәа данарцәажәоз ишиҳәаз ала, Украина  60 мшы рыла амца аанкылара иаҳәоит, аха, Урыстәыла иаҳа имаҷу аҿҳәара иаҳәар ҟалап.