Владимир Путин «Аштаб хада апланқәеи ахықәкқәеи ирышьашәаланы аоперациа ҷыда аҳасабтәқәа рықәныҟәара анагӡаразы» адҵа ҟаиҵеит
Урыстәыла ахада Владимир Путин Қремль арратә маҵзуҩцәа данырҧылоз, афронтаҿ аҭагылазаашьа далацәажәеит. Урыстәылатәи АИХқәа рдыррақәа рыла, Владимир Путин «Аштаб хада апланқәеи ахықәкқәеи ирышьашәаланы аоперациа ҷыда аҳасабтәқәа рықәныҟәара анагӡаразы» адҵа ҟаиҵеит.
Иара убас, Путин «Донбасс зегьы ахақәиҭтәра» аперспективақәа дрылацәажәеит.
«Северск ахақәиҭтәреи Константиновкаҿ аеффективтә усуреи абзоурала, арбџьармчқәа Донбасс аҵакырадгьыл зегьы ахақәиҭтәра рылшоит», – иҳәеит Путин Кремль арратә маҵзуҩцәа данырҧылоз.